Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснытәи аихамҩа" аколлективи хаҭала сара сыхьӡалеи, Аиааиреи Ахьыԥшымреи 33 шықәса рхыҵра гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит!
1993 шықәса цәыббрамза 30 ҳтәыла аҭоурых аҿы наунагӡа агәымшәареи, ахымшаҭареи, ажәлар реидгылареи ирсимволны иаанхоит. Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, еилых ҟамҵакәа аӡәк еиԥш еидгылеит Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. Дара рыбжьара ирацәаҩуп "Аԥсны аихамҩа" аусзуҩцәагьы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы иранашьоуп иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.
Ҳара иаҳуалԥшьоуп Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәалашәара аиқәырхара. Ирбаз аџьабаазы иҭабуп ҳәа раҳәо ҳхырхәоит ҳветеранцәа рҿаԥхьа.
Ишәыдысныҳәалоит Аиааира амшныҳәа! Ҳажәлар еснагь аҭынчра рыцзааит! Шьардаамҭа Аԥсынра!
ААН "Аԥснытәи аихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.