Николаи Смецкои ипарк Амш мҩаԥгахоит Агәыӡера нанҳәа 30 рзы.Агәыӡера аҳаблаҿ Смецкои ипарк аиҭарҿиара ахшыҩҵак аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәаҿы еснагь иҟан ҳәа
азгәалҭеит Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны аилазаара "Агәыӡера. Абиԥарақәа рпарк" анагӡаратә директор Русудан Кобиакова.
Апроект авторцәа архивтә документқәа ҭырҵааит, апарк аҿы аҵлақәа ринвентаризациа мҩаԥыргеит, аҵакыра дрыцқьеит, иадыԥхьалаз агеодезистцәа аинтерактивтә хсаала аинформациа аларгалеит, аԥсшьарҭа ҭыԥ ҿыц еиҿыркааит, апарк ахсаала зну аинформациатә стендқәа ықәдыргылеит. Иара убас, Гәылрыԥшь араион ахадара апарк аҿы ажратә система аиҭашьақәыргыларазы х-миллион мааҭ азоунажьит.
Нанҳәа 30 рзы апарк аҿы имҩаԥгахоит аҟазаратә-классқәа, апарк аҭоурых иазку аекскурсиақәа, аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵақәа, Николаи Смецкои изку афильм арбара, аекологиеи аботаникеи рзы авикторинақәа, араион аҭоурыхи алитературатә ҭынхеи ирызку ашәҟәытә цәыргақәҵа, аҭыԥантәи анапҟазацәа рџьармыкьа. Аныҳәа аконцерттә программала ихыркәшахоит.
🖇
Апарк 1985 шықәса рзы, асанаториа "Агәыӡера" иаакәыршаны, ашьапы икит еицырдыруа амеценат, анаплакҩы Николаи Смецкои. Уи аҵакыраҿы реиқәырхара алыршахеит иуникалтәу ареликттә ҵлақәа — асеквоиа, акипарисқәа, аевкалиптқәа, апальмақәа уҳәа асубтропикатә шәаԥыџьаԥ. Асовет аамҭазы Агәыӡератәи апарк аҿаԥхьа иҟаз адачақәа рҿы аус руан, инхон ашәҟәыҩҩцәа Константин Симонов, Дырмит Гәлиа, Евгени Евтушенко, Иван Ҭарба, Фазиль Искандер уҳәа аӡәырҩы.
ИАЕ "Агәыӡера. Абиԥарақәа рпарк", урыстәылатәи ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥысуаз аицлабра "Аԥсны Арҿиаҩцәа" агрант анашьахеит.